Аҩӡба афымцалашаразы: аҳәынҭқарра иаҳҭо аныҟамла, иҳанаҭогьы ҟалом
© Sputnik
"Афымцалашара, адгьыл ашәахтә, аҿкчымазара рызҵаарақәа шьҭыхын. Зегь раԥхьа иахьа игылоу ачымазара азҵаароуп. Ииашаҵәҟьаны, Гәдоуҭа ахәшәтәырҭаҟны аҭагылазаашьа ижәдыруа ауп. Ҳаицәажәеит ақыҭақәа рхадацәеи ҳареи аԥсылганӡа атәара ҟарымҵарц, иара убасгьы ачарақәа аанкылазарц", - иҳәеит Аҩӡба.
Иара убас Аҩӡба иазгәеиҭеит ақәҵара шрыдыркылаз, мчыбжьык ахы-аҵыхәала ақыҭақәа рхадацәа аизарақәа мҩаԥыргарц, анхацәа излауала алашара ахә 100 процентк акәымзаргьы, иахьынӡауа иршәартә аҟаҵаразы.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Амшынеиқәафымцамч": алашара ахә ахьырымшәо ақыҭақәа дырцәалоит