Иџьашьахәу аԥсабаратә цәырҵра: Афонҿыцтәи аҳаԥы

Sputnik

Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартын 46 шықәса раԥхьа - ԥхынгәы 4 1975 шықәса рзы, уи раԥхьаӡа акәны иԥшааит Гиви Смыр 1961 шықәса рзы.

Адгьылаҵантәи аҳҭынра: Афонҿыцтәи аҳаԥы иаԥсҭазаашьоу

Афонҿыцтәи акарсттә ҳаԥы - адунеи аҟны иреиҳау аҳаԥқәа иреиуоуп. Словениа иҟоу Шкоциатәи аҳаԥи Америка иҟоу Карлсбадтәи аҳаԥи шәагаала иаарываҟәыло карсттә гәаҩароуп.

Ари аҳаԥы аҩнуҵҟа иҟоуп азал дуқәа жәба, урҭ зегьы рхатәы хьыӡқәа рымоуп: "Анаҟәаԥиа ", "Нарҭаа", "Аҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны", "Амҳаџьырқәа рзал", "Аспелеологцәа рзал", "Агелектиттә дамра", иара убас ара иҟоуп ари аҳаԥы аазыртыз ихьӡ зыхҵоу азалгьы – Гиви Смыр изал.

1 / 11
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартын 46 шықәса раԥхьа - ԥхынгәы 4 1975 шықәса рзы
2 / 11
Аԥсшьаҩцәа ныҟәнагоит адгьылаҵантәи адәыӷба
3 / 11
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рзы иаартын 46 шықәса раԥхьа - ԥхынгәы 4 1975 шықәса рзы, уи раԥхьаӡа акәны иԥшааит Гиви Смыр 1961 шықәса рзы.
4 / 11
Адгьылаҵантәи аҳҭынра иамоуп азалқәа жәба
5 / 11
Урҭ рахьтә зегьы иреиҳауп "Амҳаџьырқәа рзал", уи аура 260 метра иҟоуп, аҳаракыра – 50 метра, аҭбаара – 75 метра
6 / 11
Аҳаԥы аҩнуҵҟа аҳауа аԥхарра +14 градус еиҳахаӡом
7 / 11
Туристы с удовольствием делают фотографии в пещере.
8 / 11
Аҳаԥы аҩнуҵҟа ана-ара еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа улаԥш иҵашәоит
9 / 11
Аҳаԥаҿы иуԥылоит ԥшшәылеи формалеи шә-хкык рыла еилаԥсоу еиуеиԥшым акристаллтә шьақәгылақәа
10 / 11
Афонҿыцтәи аҳаԥы иамоуп иблахкыгоу аӡҭачқәа
11 / 11
Есышықәса Афонҿыцтәи аҳаԥы иаҭаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа