Еилкаахеит, ВИЧ-аҿкы зыхьуа алаҵа "Спутник V" рзыҟаҵара ахьынӡауа

"Гам-КОВИД-Вак", ишдыру еиԥш ари "Спутник V" ҳәа ахьӡ зауз - раԥхьаӡа адунеи аҟны ашәҟәы иҭагалоу COVID-19 аҟынтәи лаҵоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. ВИЧ-ачымазараҿкы зцәа иалоу рҭагылазаашьа ҭышәантәалазар алаҵа "Спутник V" ҟарҵар ҟалоит, убри аан ари агәыԥ иаҵанакуа шҭырымҵаац, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр адиректор Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иганы.

Агазет РБК ишаныз ала, ВИЧ-аҿкы змоу урыстәылауаа алаҵаҟаҵаразы мап рцәыркуан.

"Ҷыдала аҭҵаарақәа ҳара имҩаԥаҳамгаӡеит, аха ВИЧ-ачымазараҿкы зцәа иалоу рҭагылазаашьа ҭышәантәалазар алаҵа рзыҟаҵатәуп",- иҳәеит Гинцбург.

Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит, зчымазара ӷәӷәоу ицәеижьҿагылақәа шьҭыхны алаҵа ҟаиҵар шилшо.