Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп

Ԥхынгәы 5 рзы Шәача илеиз ақәаршҩы иахҟьаны Мацеста, Хоста, Кудепста, Хорота аӡиасқәа шьҭыҵит, ҭыԥқәак рҟны ихыҵит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Ҟәыбина иахьаҵанакуа ф-раионк рыҟны иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА ражәақәа шьаҭас иганы.

"Тҟәаԥстәи, Славианск, Гориачи Клиуч, Шәача, Северски, Геленџьык аҭагылазаашьа ҷыда алагалоуп. Иааиԥмырҟьаӡакәан хылаԥшра арҭоит аӡы ашьҭыҵра", - ҳәа аарыцҳауеит аоперативтә штаб.

Шәача иахьаҵанакуа иауз ақәаршҩы иахҟьаны амҽышеи ашәахьа аухеи Мацеста, Хоста, Кудепста, Хорота аӡиасқәа шьҭыҵит, ҭыԥқәак рҟны ихыҵит. Аоперштаб адырра злаҟанаҵуа ала, Тҟәаԥстәи араион аҟны 760 ҩны аӡы рыҵалеит.

Ашьыжь Ҟәыбина иахьаҵанакуа бжьеиланхарҭак рыҟны 267 ҩни 395 баҳчеи рҟынтәи еиқәырхан 136-ҩык, 64-ҩык аамҭалатәи анхарҭахь инаган.