Аковидҿагыларатә ԥкрақәа амч роуит Аԥсны ԥхынгәы 5 инаркны. Ҿыц ирыдыркылаз аԥкрақәа инарықәыршәаны, ачарақәа, агәырӷьаратәи аныҳәатәи усмҩаԥгатәқәа, аиныхрақәа, ауаа рацәа злахәу егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа, иарку ауаажәларратә крыфара-чара ахыбрақәа рҿы рымҩаԥгара ҟалом.
"Аҩбатәи ашықәс ҳҭоуп аҭагылазаашьа бааԥс адунеи ахьынӡанаӡааӡо ажәлар аргәаҟуеижьҭеи. Уи ачымазара ухьны ирласны иухгозҭгьы, аха изызхымгакәа шаҟаҩы ннарҵәазеи. Заҟаҩы ԥсыз зхахьы инаганы иазымхәыцуа, даҽазныкгьы рхахьы инагатәуп. Зынӡа ашәарҭа бааԥсы ҳҭанаргылеит ҳәа сгәы иаанагоит. Ауаажәлар рҟынтәи аҟәышцәа иҵегьы рыбжьы рганы, абри аанаҳкылароуп… Иахьа Аԥсны ачараурҭақәа рацәоуп 700-1000 ҩык рҭыԥ ахьыҟоу. Метраки бжаки ҩ-метрак ауаа хара –хара рыртәара аларшара цәгьоуп… Аԥарарҳара бзиоуп, аха ҳара зегьы ҳлеилатәаны ҳзызхәыцша ҳгәабзиара ахьчара ауп", - иҳәеит Латариа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- COVID-19 аҟынтәи агәыр: Аԥсны алаҵаҟаҵара шымҩаԥысуа
Аковидҿагыларатә ԥкрақәа Аԥсны амч роуит ԥхынгәы 5 инаркны