Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бараҭелиа Гәылрыԥшь амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа ртәы

Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аԥшатлакә араион ианаҭаз ааха атәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бараҭелиа Гәылрыԥшь амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа ртәы

Аԥсны амшцәгьа ҟалеит ԥхынгәы 4 рзы. Аԥшатлакә иахҟьаны аҵлақәа хжәеит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.

Гәылрыԥшь араион ахада еиҭеиҳәеит амшцәгьа аан 60 ҵла инарзынаԥшуа амҩаду ишанаҳалаз, 15 ҩны рхыб шхнашәаз, афымцалашарада ақыҭақәа аанхеит, ӡыла реиқәыршәара еиԥҟьеит.

Шәазыӡырҩы аудио.