Шәачеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳаир еимадара анхацаркхо еилкаахеит

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аԥыррақәа аанкылан мшаԥымза 15 инаркны Ҭырқәтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыцәгьахаз иахҟьаны. Рашәара 22 инаркны Урыстәыла аԥкрақәа аԥнахит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Шәачантәи ишиашоу Ҭырқәтәылаҟа аҳаирмҩа аартхоит ԥхынгәы 12 инаркны, ҳәа аанацҳауетит РИА Новости Росавиациа шьаҭас иганы.

Акоронавирус азы аоперативтә штаб аӡбамҭала Ҭырқәтәылаҟа аԥырра иалагоит даҽа 13 қалақь рҟынтәи. Урҭ иреиуоуп, Барнаул, Белгород, Волгоград, Воронеж, Калуга, Краснодар, Липецк, Нальчик, Оренбург, Саратов, Шәача, Тиумень, Алада-Сахалинск.

Урыстәыла атәылауаа урыстәылатәи алаҵа змоу Ҭырқәтәыла ацара рылшоит

Иазгәаҭоуп, ԥхынгәы 12 инаркны Измирҟа аԥырра шыҟало. Иахьазын аҳаирмҩа аартуп Сҭамбыл, Анкра, Анталиа, Даламан, Бодрум.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аԥыррақәа аанкылан мшаԥымза 15 инаркны Ҭырқәтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьыцәгьахаз иахҟьаны. Рашәара 22 инаркны Урыстәыла аԥкрақәа аԥнахит.

Урыстәыла атәылауаа иарбанзаалак урыстәылатәи алаҵа ҟарҵазар, уи азы аршаҳаҭга рымазар Ҭырқәтәыла ицар ҟалоит.

Ҭырқәтәыла алалара аԥҟарақәа рыла 6 шықәса иреиҳабу алаҵа змам атуристцәа рҟынтәи ПЦР-тест азы аршаҳаҭга рымазароуп аҭыԥ ахь инеиаанӡа 72 сааҭ раԥхьа иҟарҵаз, ма аҵыхәтәантәи фымз рыҩныҵҟа ачымазара шырхыргаз азы аршаҳаҭга.

COVID-19 аҟынтә алаҵа "Спутник V" ҟазҵаз уи азы асертификат рымазароуп, насгьы англыз бызшәала ихарҭәаазароуп, аҳәаанырцә атәылауаҩшәҟәы адыррақәа аныԥшуазароуп.