Диана Гәылуаԥҳа анаҩстәи лҵара иацылҵоит ААУ аҿы, афизика-математикатә факультет дҭаларц лыгәҭакуп. Лара лажәақәа рыла, аҵарашықәс ахыркәшамҭаз еилыхаран, агәаҭаратә усурақәеи аԥышәарақәеи рацәахеит.
"Аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа маҷк иуадаҩын, избанзар ААУ ахь аҭалара, ашкол аҿы аԥышәарақәа уҳәа зегь еилалеит. Апандемиагьы анырра ҟанаҵеит. Аҩны атәара сҭахӡамызт, ашкол ахь акәын иахьысҭахыз, сгәы хыҭхыҭуа сазыԥшын аԥкрақәа рхыркәшара, анаҩс акарантин ашьҭахь аҵара анхацыркха, агәаҭаратә усурақәа рацәаны иҳауит. Акласс аҿы амедалист даныҟоу, акомиссиақәа рацәаны иааны игәарҭоит. Уи зегьы сара сзы акәым изыуадаҩхаз, сҩызцәа рзоуп, аха зегьы аԥышәарақәа қәҿиарала аҭира ҳалшеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Гәылуаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.