АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Нанҳәа 1 инаркны Краснодартәи атәылаҿацә аԥсшьарҭақәа рахь иаауа зегьы акоронавирус шрылам азы ПЦР-тест аҭак рыцзароуп, убри аан аԥсшьаҩцәа аԥсшьарҭа ҩны ианыҩналалак ашьҭахь хымш ирылагӡаны алаҵа ҟарҵароуп. Абри азы и-Telegram аҿы адырра ҟаиҵеит атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратьев.
Иара иазгәеиҭеит ари аҩыза аӡбамҭа шрыдыркылаз аԥыза-министр Татиана Голиковеи дақәыршаҳаҭны, арегион аҟны акоронавирустә инфекциа аизҳара иахьаҿу инамаданы. Ԥхынгәы 5 рзы Ҟәбина 214 хҭыс ҿыц азгәаҭан, ари апандемиа иалагеижьҭеи зегь иреиҳау рбагақәоуп.
"Аепидҭагылазаашьа ахьеицәахаз инамаданы, раԥхьа иҳаргылоит алаҵаҟаҵара азҵаара. Аԥсшьаратә сезон амҩаԥысра ишаҿугьы азгәаҳҭароуп. Уажәы ҳара аԥсшьарҭа ҩнқәа ирыҩнаҳҵо ПЦР-тести алаҵаҟаҵаразы аршаҳаҭгеи змоу роуп", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.
Агубернатор инаҵшьны иазгәеиҭеит атәылаҿацә асасцәа зегьы лаҵала ишеиқәдыршәо, уи азы ашәҟәы рышьҭхьеит 300 нызқь доза алаҵа аарышьҭырц.
Уаанӡа ԥхынгәы 1 азы Ҟәбина асасааирҭақәа рҿы индырхалар ҟалон акоронавирус аҟынтәи алаҵа ҟазҵази иара убас изхызгахьази аԥсшьаҩцәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: