Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба Гәдоуҭа араион аҟны амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа иазкны

Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, амшцәгьа араион анхарҭатә ҭыԥқәа ирнаҭаз аахеи, анхацәа ирырҭо ацхыраареи ртәы.
Sputnik
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Аҩӡба Гәдоуҭа араион аҟны амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа иазкны

"Қыҭацыԥхьаӡа акомиссиа гәыԥ-гәыԥла ишаны ишьҭын, аԥхасҭа ахьынӡаҟоу  аилкааразы. Араионаҿ ҩ-ҩныки казармаки амацәыс раахан иблит. Ақалақь аҩнеихагылақәа рҿы аԥхасҭа ӷәӷәа ахьыҟалаз ыҟоуп. Лыхны аа-ҭӡык рыҩнқәа рхыбқәа рыхнашәеит, Аҷандара акәзар, хыҵакырҭада иаанхазгьы ҳамоуп.  Ҟәланырхәатәи абжьаратә школ ахыб ахьыхнахыз зегьы еицхырааны иҟарҵеит. Уажәы аԥхасҭа зауз зегьы рышәҟәқәа реиқәыршәара иаҿуп, актқәа шьақәыргылатәуп", - иҳәеит Аҩӡба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит, ишыҟоу аҭаацәарақәа зхала зхыбқәа зхыбыз, иԥхашьаны зынӡа арзаҳал алазымҵаз.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.