Арадио

Ҳашыг иҳәынҭқарратәым АИХқәа абиуџьет аҟынтә рыцхрааразы: аҳәаанырцә иҟоу иџьаршьоит

Агазеҭ "Чегемская правда" аредактор хада Инал Ҳашыг арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ҵакыс иамоу иҳәынҭқарратәым амассатә информациатә хархәагақәа рзы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи ацхыраара.
Sputnik
Ҳашыг иҳәынҭқарратәым АИХқәа абиуџьет аҟынтә рыцхрааразы: аҳәаанырцә иҟоу иџьаршьоит

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара иҳәынҭқарратәым амассатә информациатә хархәагақәа рзы аԥаразоужьра шьақәнырӷәӷәеит. Иӡбан иҳәынҭқарратәым АИХқәа зегьы, аиуристтщ хаҿык аҳасаб ала иҭаҩу, аҳәынҭбиуџьет аҟынтәи есымза 50-50 нызқьмааҭ рызшәалазарц.

Аԥсны аминистрцәа реилазаара иҳәынҭқарратәым АИХқәа рзы аԥаразоужьра шьақәнырӷәӷәеит

"Шьҭа хԥа-ԥшьба шықәса ҵуеит ихьыԥшым агазеҭқәа 50 нызқь мааҭ ацхыраарак аҳасабала ироуеижьҭеи аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи. Уажәы ҿыц иааиз аиҳабырагьы усҟантәи аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара иадгылеит. Уи даара цхыраара дууп ихьыԥшым агазеҭқәа рзы, избанзар иахьа рҭагылазаашьа даара ицәгьоуп. Атенденциа шыҟоу ала, убри иҟарҵо ацхыраара агазеҭқәа рыԥсы ҭанаҵоит, убри аҟәрышь хәыҷала рыԥсы ҭоуп уҳәаратәы иҟоуп… Аиаша уҳәозар, абри аҳәынҭқарра ихьыԥшыму агазеҭқәа ирзыҟанаҵо ацхыраара даара иџьаршьоит аҳәаанырцә, иџьаршьоит иҳаҵашьыцуа аҟынӡа, избанзар ари аҩыза аҭагылазаашьа идеалс ирыԥхьаӡоит", - иҳәеит Ҳашыг.

"2021 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет" азы азакәан инақәыршәаны, абиуџьет иҳәынҭқарратәым Амассатә инфомациатә хархәагақәа рзы х-миллионки  600 нызқь мааҭи азԥхьагәанаҭоит.

Раԥхьаӡа акәны иҳәынҭқарратәым АИХқәа афинанстә цхыраара рыҭаразы азҵаара цәырган 2016 шықәсазы усҟантәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иаԥшьгарала.