Адунеи аҿы зегь реиҳа амал змоу ауаҩы имазара 10 миллиард доллар рыла еизҳаит

Адунеи аҿы зегь реиҳа амал змоу ауаҩы Џьефф Безос иитәу аилазаара Amazon акциақәа ари амчыбжь азы ф-процентк раҟара ирызҳаит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 11 - Sputnik. Amazon ашьаҭаркҩы, амиллиардера Џьефф Безос имазара ҩаԥхьа арекорд аҟынӡа инаӡеит, уи иазҳаит 10,6 миллиард доллар рыла, абри атәы аанацҳауеит РИА, Forbes иаанаго адырракәа шьаҭас иҟаҵаны.

Адунеи аҿы зегь реиҳа амал змоу ауаҩы Џьефф Безос акосмос ахь дцоит

Иазгәаҭоуп уажәы Безос 212,4 миллиард доллар имоуп. Лмал иацлеит иара уаанӡатәи иԥҳәысгьы - Маккензи Скотт - 3,5 миллиард доллар рыла.

Ҳазҭоу амчыбжь азы Amazon акциақәа ирызҳаит 5,9 процент рыла. Безос адиректор хада имаҵура аанижьит ԥхынгәымза алагамҭазы, аха дышцазгьы, иара аилазаара анапхгара ахантәаҩыс даанхеит, уи акциақәа 10 процентк иманы.