Арадио

Емырхәба еиҭеиҳәеит Гал арахә рныҟәара аанкыларазы ирыӡбаз

Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Емырхәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҟны арахә рныҟәара аанкыларазы ирыӡбаз, уи аԥсҭазаара ишаладырҵәо атәы.
Sputnik
Емырхәба еиҭеиҳәеит Гал арахә рныҟәара аанкыларазы ирыӡбаз

"Арахә рганахьала аҭагылазаашьа, аиашазы, хәыҷык иуадаҩуп, избанзар ауаа рхы аланыҟәыргоит, аха арахә рынкылара цәгьахеит. Убри аҟынтә ақалақь ахадара арахә алымҳа иарҭо абиркақәа (адыргацраҳәақәа) ҟарҵеит, уи ашьҭахь иааныркылар, ахараԥса рыдырҵар ҟалап. Иҟоуп ауаа абри арахә иҩуа ирышьҭоу ақалақь аҿы. Ақалақь аҩнуҵҟа зегьы ирылаҳәаны, арахә рлымҳа адыргацраҳәа аҭаны иоурыжьуеит. Азҵаара ықәыргылан ԥхынгәы 20 инаркны хәыда-ԥсада арахә амаркировка рзура, уи ала ақалақь аҟны арахә аанаҳкылап ҳәа ауп. Ус еиԥш ауадаҩра араионқәа зегьы рҟны иҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Емырхәба.

Шәазыӡырҩы аудио.