Ԥхынгәы ааба рзы ААУ иалагеит ашәҟәқәа рыдкылара. Уи аус азгәаҭан ԥхынгәы 16-нӡа ҳәа, аха ашколҳәыҷқәа зегьы аттестатқәа рмоуц азы даҽа ҩымш иацҵоуп ҳәа азгәеиҭеит Инџьгьиа.
ААУ апресс-маҵзура аиҳабы иажәақәа рыла, сынтәа ажурналистика ахырхарҭала иаартуп иҿыцу азанааҭ, АИХқәа рредактор ҳәа. Хәышықәса аҵараҵара азгәаҭоуп, ианалгалак, аус рур рылшоит еиуеиԥшым амассатә информациатә хархәагақәа рҿы. Аԥшьгамҭа хықәкыс иамоу аефирқәеи акьыԥхьымҭақәеи рҿы иҟоу агхақәа раԥыхра ауп ҳәа азгәеиҭеит Инџьгьиа.
Џьамбул Инџьгьиа иҳәеит, ааигәа ААУ аҿы имҩаԥысыз аректорат аилатәараҿы ишрыдыркылаз аӡбамҭа, сынтәа аҵаразы ахәԥса ишацрымҵо ала, иара убас, аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳасаб азуны иӡбан ауниверситет ахыԥхьаӡаларазы раԥхьатәи аԥышәара ихадоу аматәар ала амҩаԥгара, избанзар, анаҩс аҭагылазаашьа еицәахар, уи ахәшьарала аӡбамҭа рыдыркылартә еиԥш ҳәа иҳәеит ААУ апресс-маҵзура аиҳабы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.