Забацәа рус хацзыркыз: кәтолтәи ачаирҭа аԥсҭазаара ҿыц

Sputnik

Кәтол ақыҭан ииз Лаша Блабба игәыгәҭажьны иҟаз ҩ-гектарак ачаиҭра рыцқьаны сынтәа аусуцәа адиԥхьалеит. Асовет аамҭақәа рзын аԥсуа чаи ахԥша аныҳаракыз, Лаша иаби иабдуи ачаи аарыхра рнапы алакын. Аус руан Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы.

Лаша иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩнуҵҟа ҳҳәынҭқарра ачаи аха амаӡамызт. Ачаирҭақәа еиуыжьын, афабрика аҟны амыругақәа зынӡа иажәхьан. Аха арԥыс қәыԥш ииӡбоит иҭаацәа рнапы злакыз аус ахацыркра. Сынтәа ҩ-гектарк ачаирҭа аус адиулеит, амӷра зхаԥахахьаз 60 цәаҳәа ачаи  ирыцқьеит. Аусуцәа адыԥхьалан ачаи ахыхра иалагеит. Абарҭ аусурақәа зегьы Лаша ихатәы харџьқәа рыла инаигӡеит, уи 80 нызқь мааҭ рҟынӡа изтәеит.

Аиҳарак ачаи хызхуа аҭыԥанҭәи ауааԥсыра роуп, аха зны-зынла иҟалалоит егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи ианааҳгогьы, избанзар зегьы ирҭахӡам ари аҩыза аџьабаа. Аусуцәа ачаи ахыхра иалагоит ашьыжь асааҭ фба инаркны ахәылбаҽха асааҭ фба рҟынӡа, аԥсшьара рымоуп ҩ-сааҭк.

Ачаи ахкы зеиԥшроу иахәаԥшны кьылак азын 100-150 мааҭ ршәоит. Ҽнак ала аӡәы 20-25 кьыла иҟәшәар илшоит.

Лаша аԥхьаҟа игәы иҭоуп ачаирҭа ацҵара 10 гектарк рҟынӡа, ачаи зырԥшшо амаруга аахәаны ихатәы чаи ацәыргара. Уи анагӡараз  иаҭаху аԥара азын  аҳәынҭқарраҟынтәи ацхыраара иҭаххоит.

 

 

1 / 10
Кәтолтәи арԥыс қәыԥш Лаша Блабба иабацәа рус хациркит.
2 / 10
Игәыгәҭажьны иҟаз ҩ-гектарак ачаиҭра рыцқьаны сынтәа аусуцәа адиԥхьалеит.
3 / 10
Ачаирҭақәа рыҟны аус зуа аҭыԥанҭәи ауааԥсыра роуп. Ачаи ахкы зеиԥшроу иахәаԥшны кьылак азын 100-150 мааҭ ршәоит.
4 / 10
Ачаихыхра аџьабаа ацуп, аха ҽнакала аӡәы 2-нызқь инеиҳаны аԥара ирҳар илшоит.
5 / 10
Ачаирҭақәа рҿы х-хкык ачаи рызҳауеит, зегь раасҭа зчаибӷьы ссоу иреиҳау ахкы ҳәа иԥхьаӡоуп.
6 / 10
Аусуцәа ачаи ахыхра иалагоит ашьыжь асааҭ фба инаркны ахәылбаҽха асааҭ фба рҟынӡа, аԥсшьара рымоуп ҩ-сааҭк.
7 / 10
Ашоурақәа шыҟоугьы аусуцәа рхы иахамшшаӡакәан аус руеит. Иарак ауп аагарҭас ирымоу.
8 / 10
Ачаихыхыҩцәа рыԥшаара уадаҩуп аџьабаа ахьацу азын. Ирацәаҩуп аԥара арҳаразы ақалақьқәа рахь ицаз, убри аҟнытә егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи аусуцәа адырԥхьалоит.
9 / 10
Ихырхуа ачаи ишаӡоу абжьахәаахәҭыҩцәа ирырҭоит. Урҭ аԥсшьаҩцәа ахьырацәоу аҭыԥқәа рыҟны ирҭиуеит.
10 / 10
Лаша аԥхьаҟа игәы иҭоуп ачаирҭа ацҵара 10 гектарк рҟынӡа, ачаи зырԥшшо амаруга аахәаны ихатәы чаи ацәыргара. Уи анагӡараз иаҭаху аԥара азын, аҳәынҭқарраҟынтәи ацхыраара иҭаххоит.