Арадио

Цыгәба Борис Адлеиба изы: аԥсуа ҭоурых аҟны ихатә даҟьа ааиртит

Асоветтә ҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥснытәи АССР апартиа аобком актәи амаӡаныҟәгаҩ Борис Адлеиба диижьҭеи сынтәа 90 шықәса ҵит. Арадио Sputnik аефир аҟны уи дигәалаиршәеит ауаажәларратә усзуҩ Виачеслав Цыгәба.
Sputnik
Цыгәба Борис Адлеиба изы: аԥсуа ҭоурых аҟны ихатә даҟьа ааиртит

"Борис Виктор-иԥа Адлеиба иналукааша ҳәынҭқарратә политикатә усзуҩын. Сара ибзианы дыздыруан, 15 шықәса аус еицаҳуан. Иара аԥсуа ҭоурых аҟны ихатә даҟьа ааиртит, идыруп ихьӡ. 10 шықәса инареиҳаны аԥсуа ҳәынҭқарра напхгара аиҭон ианыуадаҩыз аамҭазы, аԥышәа змаз уаҩны ихы ааирԥшит. Усҟан аполитикатә ҭагылазаашьа мариамызт, аибарххарақәа анцоз аамҭан… Очамчыра аус шиуаз Тҟәарчалҟа диаргеит, иара иҭыԥан сара снаргеит. Исзымдыруаз рацәан, лассы-ласс ҳаиқәшәон, сзызҵаауаз рацәан", - иҳәеит Цыгәба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: