Тҟәарчал: агортензиақәа рџьанаҭ дгьыл

Sputnik

Тҟәарчал араион изызҳауа агортензиақәа иахьа ауаарацәа зҭаауа аҭыԥԥшӡарақәа ируакуп. Аҟармаратәи аӡхыҽҽахь уҩазго амҩа инаваршәны изызҳауа арҭ иршанхагоу ашәҭқәа еиҳарак аиаҵәеи, ажәҩанԥшшәи, ацәаԥшьи аԥшшәқәа роуп. Уарла-шәарла иуԥылоит алила аԥшшәы змоу. Ацәаакыра бзиа избо агортензиашәҭқәа амра рҭахӡам. Убри азы акәхап, лассы-ласс ақәа ахьауа, ишәшьу Тҟәарчал изрызҳауа. Дара шәҭуеит ԥхынгәымза инаркны жьҭаарамзанӡа.

Есԥхынра Тҟәарчалҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагь, арҭ ашәҭқәа ирыдгыланы рсахьақәа ҭырхырц.

Ашәҭқәа рҿыхра ҟалаӡом, иҿызхыз ахараԥса иршәахоит ҳәа иахьабалак адҩыларақәа кыдуп. Аԥсшьаҩцәа уи азгәаҭаны рызхара ашәҭқәа ирхылҵуа рыфҩы хаа нылбааданы, Тҟәарчалтәи аԥсабара ргәаҵаҿ иаанхарцаз рфотосахьақәа ҭыхны ицоит.

Абас ала, агортензиақәа рџьанаҭ дгьыл Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра Тҟәарчал ианнаҵаз ахәрақәа хьанарԥссоит.

1 / 11
Аԥхынра шааизашәа Тҟәарчал шәҭышла иҭалаҳауеит.
2 / 11
Иахьабалак ԥшшәырацәала ишәҭуа агортензиақәа Тҟәарчал заҵәык ауп ас ирацәаны иахьразҳауа.
3 / 11
Ула зыргәырӷьо ари аџьанаҭ ашьхыцқәагь ирыԥсықәроуп.
4 / 11
Sputnik акорреспондент Асмаҭ Ҵәыџьԥҳагь ари аԥшӡара дзаҩымсит, аҭыԥҳацәа зегь реиԥш ашәҭқәа рыгәҭа лфото ҭылхит.
5 / 11
Аиаҵәара зҭалаҳау ашьха ӡыхьқәа рхықәан агортензиашәҭқәа рызҳара - асахьаҭыхыҩ игәазыҳәароуп.
6 / 11
Игәыгәҭажьу Аҟармаратәи абаҟақәагьы агортензиақәа рхыкәыршоуп.
7 / 11
Есԥхынра агортензиашәҭқәа рбаразы Тҟәарчалҟа иаауеит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа.
8 / 11
Аҟармаратәи аӡхыҽҽахьы ихало амҩан иааҭгылоит ашәҭқәа ирыдгыланы рсахьақәа ҭырхырц.
9 / 11
Ашәҭқәа рҿыхра ҟалаӡом, иззымчҳакәан иҿызхыз ахараԥса иршәахоит.
10 / 11
Ицәаԥшьу агортензиа ҿымхкәан уадгылан усахьа ҭухыр еиҳагьы игәахәароуп.
11 / 11
Агортензиақәа мызқәак роуп иахьышәҭуа, убри аҟынтә ҳфотолента иахәаԥшыз, абри аҩыза аԥшӡара шәҽахьыжәгӡарц шәмаашьакәа Тҟәарчалҟа амҩа шәықәла.