Арадио

Ҭраԥшьԥҳа еиҭалҳәеит асасааирҭаҟны аковидҿагылара иахьынӡазхиоу атәы

Пицунда ахатәы сасааирҭа змоу Аида Ҭраԥшьԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит лсасааирҭаҿы аҿкы аламырҵәаразы аҭагылазаашьа аусзуҩцәеи асасцәеи иахьынӡахылаԥшуа ртәы.
Sputnik

Сынтәатәи ашықәс атуристтә сезон шьақәгылеит ҳәа заанаҵы иуҳәаратәы иҟоуп. Атуризм аминистр ааигәа РИА Новости иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит 30 шыкәса раахижьҭеи иҟамлацыз хҭысхеит, ирекордхеит аԥсшьаҩцәа Аԥсны иаҭааз рхыԥхьаӡара ҳәа. Арахь аковидчмазара акәзаргьы, уи иахҟьаны ичмазаҩцәахо мышкы ирацәоуп. Ари аамҭа хьантазы иабанӡеиҿкаау аԥсшьарҭа ҩнқәа рҿы аҿкы аламырҵәаразы ашәарҭадара. Пицунда есԥхынреиԥш ари ашықәсангьы ирацәоуп атуристцәа. Пицунда ахатәы сасааирҭа змоу Аида Ҭраԥшьԥҳа лсасааирҭа ҩнаҿы аҭагылазаашьа аусзуҩцәеи асасцәеи иахьынӡахылаԥшуа атәы еиҭалҳәеит.

Ҭраԥшьԥҳа еиҭалҳәеит асасааирҭаҟны аковидҿагылара иахьынӡазхиоу атәы

"Рашәара 15-16 инаркны ҳсасааирҭа ҭәуп 80-90 процент рыла. Иааиуа аԥсшьаҩцәа, шамахамзар, асабрадақәа рҿарҵаӡом. Иаҳьҳадаҳкыло ирхианы иҳамоуп асабрадақәа, арзҩыдагақәа. Ԥхынгәы ҳҭалеижьҭеи аҭагылазаашьа зеиԥшроу ҳбоит… Исыдыскыло аԥсшьаҩцәа сразҵаауеит ачымазара рыхьхьоума, ишԥархыргеи ҳәа. Изыхьхьоу рацәоуп, авакцина ҟазҵазгьы маҷым, аршаҳаҭгақәагьы сзырбо ыҟоуп", - лҳәеит Ҭраԥшьԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: