Мрада икаԥхо, мзада икаҷҷо: Аҟәа аҳҭнықалақь аушьҭымҭацәа рыхәылԥазқәа раан

Sputnik

2021 шықәсазы аԥснытәи ашколқәа 153 ирылгеит 1975-ҩык аушьҭымҭацәа, урҭ рахьтә ааҩык хьтәы медалла ицоит, аӡәы - раӡныла. 

Ари аҵарышықәс аҵаҩцәа рзы имариамызт. Алагарҭатә школқәа мызқәак иаанкылаз рҵара еиҭахацыркын жәабран 15 рзы, аиҳабыратә классқәа мчыбжьык ашьҭахь иҭыҵит.

Убри азы 2021-тәи аҵарашықәс рашәарамза 25 рҟынӡа инахеит. Аушьҭратә ԥышәарақәа ԥхынгәы 1 азы инҵәеит.

Рашәарамза алагамҭазы Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа ақәҵара ҟаиҵеит ақалақьтә хәылԥазқәа раԥыхразы, убри аан алшара риҭеит ашколқәа рашҭақәа рҿы, асабрадақәа рҿаҵаны, асоциалтә дистанциа азгәаҭаны имҩаԥыргарц.

Аԥсуа школқәа роушьҭымҭацәа ари аҩыза алшара раҩрмыжьит. Дара зегьы мышкы-мышкы алхны рыхәылԥазқәа мҩаԥыргеит.

1 / 26
2021 шықәсазы аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1975-ҩык аушьҭымҭацәа.
2 / 26
Зынӡа Аԥсны иҟоуп 153 зеиԥшҵараиуратә школ.
3 / 26
Акоронавирус апандемиа иахҟьаны азеиԥшқалақьтә хәылԥазқәа рымҩаԥгара мап ацәкын, аха школцыԥхьаӡа мшык-мшык алхны аушьҭымҭацәа рныҳәақәа мҩаԥыргеит.
4 / 26
Аҟәатәи ашколқәа роушьҭымҭацәа аҳҭынақалақь аԥшаҳәаҿы амаҭәа лыԥшаахқәа рышәҵаны инеиааиуан.
5 / 26
Дарбанзаалак аушьҭымҭа ҽаӡәы диеиԥшымкәа ишәыз-ихаз ҷыдала иалиԥшааит.
6 / 26
Аҭыԥҳацәа Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа рызхара рфотосахьақәа ҭырхит.
7 / 26
2021 шықәсазы ааҩык хьтәы медалла иалгоит, аӡәы - раӡныла. 
8 / 26
Афотосахьа бзиақәа ҭырхразы аушьҭымҭацәа аԥшаҳәаҿы еиҿкааз аҭыԥ ԥшӡарақәа зегьы еимырдеит.
9 / 26
Аҭыԥҳацәа аӡә лаҵкыс аӡә деиӷьын.
10 / 26
Арԥарцәа ракәзар, урҭ ирыҵахомызт.
11 / 26
Арҭ аҷкәынцәа еицырдыруа аҳәаанырцәтә телесериал "Острые козырьки" афырхацәа ираԥыргоит уҳәап.
12 / 26
Аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аԥшӡара аконкурс излеиԥшым акгьы ыҟам.
13 / 26
Абас ауп аушьҭымҭацәа рхы-рҿы рхаччо аԥсҭазаара ду ахь ршьаҿа шеихырго.
14 / 26
Аҭыԥҳацәа рыҵкқәа збаз ихамшҭыртә, ҽаӡәы лтәы иаламҩашьо аҟаҵара рылшеит.
15 / 26
Аҵкы шкәакәа абжьааԥнеиԥш сынтәагьы азҿлымҳара ду амоуп аҿар рыбжьара.
16 / 26
Иацы ихәыҷқәоуп ҳәа изхәаԥшуаз ашколхәыҷқәа иахьа адунаӡацәа ирҩызаха иаақәгылт.
17 / 26
Шьоукы-шьоук аҭыԥҳацәа аԥарԥалыкьқәа иреиԥшын.
18 / 26
Ашкәакәа еиԥш, аиқәаҵәа ԥштәгьы бзиа избо аҿар рацәаҩуп.
19 / 26
Аушьҭымҭацәа рыхәылԥаз аан арԥарацәа изышьцылахьоу рышколтә форма рыԥсахит акостиумқәа рыла, иаразнак еиқәтәеиқәгылагьы иааҟалеит.
20 / 26
Аҟәа аԥшаҳәа ариабжьарак еиҳагьы иԥшӡахеит, аҿар рыԥшра-рсахьа, зегь рыла убла хыркуан.
21 / 26
Аушьҭымҭацәа рышәҵатәы заа иазхәыцхьан, иршәырҵашаз рыӡбахьан.
22 / 26
Ахәылԥаз ахь ирыцны иааит рҭаацәагьы.
23 / 26
Абжьааԥны аспорт маҭәа еиҳа згәы иаҭахыз аҿар иахьа аклассика иазхьаԥшит, уи оумакала ирнаалеит.
24 / 26
Школқәак роушьҭымҭацәа рыхьӡқәа зну аҭыӡқәа аԥшаҳәаҿы ишьақәдыргылеит.
25 / 26
Ашкол ааныжьны ацара - иагьгәырӷьароуп, иагьлахьеиқәҵароуп.
26 / 26
Иагьа ус иҟазаргьы, арҭ ақәыԥшцәа рыԥсҭазаараҿы акрызҵазкуа даҽа шьаҿак ҟарҵеит. Мҩамш иқәлааит!