АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә иатәу АҶА аусбарҭа хада ауаа ргәырҽаннаҵоит аԥсабаратә мцакра ӷәӷәақәа ҟалар алшоит ҳәа, абри атәы аарыцҳауеит Кубанские новости.
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ашоура бааԥс шьақәгыланы иҟоуп, регионқәак рҿы аҳауаԥхарра ашәагақәа 40 градус ддырбоит.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, Краснодартәи атәылаҿацә аҿы ԥхынгәы 18-20 рзы ахәбатәи акласс ҳәа иԥхьаӡоу амцакра ӷәӷәа ҟалоит ҳәа ашәарҭара ду ыҟоуп. Шәача ҽынлеи ахәылбыҽхеи ԥхынгәы 19 рзы аҳауаԥхарра +36 – +37°С иҟалоит.
"Аекономика аобиектқәеи ауаа реиланхарҭақәеи рҟны амцакрақәа ирыхҟьаны аҭагылазаашьа ҷыдақәа ҟалар ауеит, абнабылрақәа, ақыҭанхамҩатә дгьылқәа уҳәа рҟны амцакрақәа ҟалар алшоит", - рҳәеит АҶА адырраҭараҟны.
Убри инамаданы, аусбарҭа аспециалистцәа ауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит амцакрақәа ҟамларц мамзаргьы ианыҟалалакгьы ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.