Аҳақьым асаби ихы ашоура анасуа аҟазшьақәа дрылацәажәеит

Аҳауагәаҭаҩцәа разԥхьагәаҭарала, ашәахьа ԥхынгәы 19 рзы Аԥсны ашоура ӷәӷәаны иҟалоит, аультрафиолеттә индекс ҳаракхоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Москва агәабзиарахьчара адепартамент апедиатр хада Исмаил Османов еиқәиԥхьаӡеит ахәыҷқәа рхы ашоура анасуа ҟазшьақәаны иубарҭахо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Шәхәыҷы акраамҭа амраҿ дыҟазар, уи ашьҭахь ишоура халазар, ицәа ҟаԥшьхазар, аиҳаракгьы ихы-иҿы, имчқәа каԥсаны ижәбозар, икрыфара маҷхазар, аԥхӡы рацәаны илҵуазар, иҿыхра далагазар, иӡкаҭәара еиҳа еиҵахазар, иԥынҵа ашьа аауазар, иара убасгьы датуазар, иԥсыԥлагаҩагара хыхь-хыхьтәхазар ашоура ихы ишасыз еилышәкаауеит. Иҟалоит ахәыҷы зынӡа деиҵасуа дҟаларгьы", - ҳәа еиҭеиҳәоит аҳақьым.

Убри аан аҳақьым иҳәоит еиқәыԥхьаӡоу аҟазшьақәа хазы-хазла ашоурасра мацара ишаҟазшьам, урҭ реиҳарак аинфекциатә чымазара иаҟазшьахаргьы алшоит. Еиқәыԥхьаӡоу аҟазшьақәа рҟынтә иарбанзаалак ахәыҷы ианидырбалалак, аамҭа мгакәа аҳақьым идҵаалатәуп.

Ахәыҷы деиҵасуа, дқыџьқыџьуа далагозар, хымԥада ахәшәтәырҭаҿ дышьҭаҵатәуп.

"Раԥхьа иргыланы ахәыҷы иахьыхьшәашәароу диагатәуп, аха аԥша ахьеиҿамсуа. Ихы аҵаа аш илаҳәаны иақәҵатәуп. Мамзаргьы ирбааӡоу ашьаршьаф ма ампахьшьы икәыршатәуп. Аӡы ишәҭ, аха уи хьшәашәамзароуп. Ахәыҷы илҵыз аӡы маҷ-маҷ ихарҭәаалатәуп, ес-10-15 минуҭ рыҩнуҵҟала", - ҳәа еиҭеиҳәоит аҳақьым.