Мурашко: COVID-19 аан арыԥҳақәа ироуа ааха аҽарццакуа иалагеит

Иахьатәи аамҭазы акоронавирус-хкқәа рҟынтә еиҳа зыҽзырцәгьаз ҳәа иԥхьаӡоуп дельта-штамм COVID-19, иара авирус ауаҩы ицәеижь еиҳа ирццакны иаланагалоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа еиҳа иццакны иалаҵәоит, ауаа еиҳа рчымазара хьанҭахоит иҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Уаанӡа арыԥҳақәа ааха афбатәи-абыжьбатәи амш азы ироуазар, уажәы ахԥатәи-аԥшьбатәи амш азы ироур алшоит. Авирус еиҳа иццакны аҽаланарҵәоит", - иҳәеит Мурашко аканал "Россия 24" аефир аҿы.

Иара иажәақәа рыла, ари азгәаҭаны еиҳа заа аҽыхәышәтәра иалагатәуп.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 19963-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16294-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 277-ҩык.