ФМБА акоронавирус аҟынтә алаҵа аклиникатә ҭҵаарақәа ирылагеит

2021 шықәса рашәарамзазы қәҿиарала ихыркәшахеит алаҵа аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәан иара ашәарҭадара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 20 - Sputnik. Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура акоронавирус аҟынтә алаҵа аклиникатә ҭҵаарақәа ирылагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ФМБА апресс-маҵзура адыррақәа шьаҭас иганы.

Авирус аҽеиҭакра иахьмырԥшкәа ахьчара зылшо алаҵа аус адырулоит

Аклиника Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҟынтә официалла азин аиуит акоронавирустә инфекциа SARS-CoV-2 аҟынтә арекобинанттә лаҵа аклиникатә ҭҵаарақәа I - II афазақәа рымҩаԥгаразы ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аклиникатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргалоит ԥхынгәы 19 2021 шықәса инаркны, иалахәхоит 200-ҩык рҟынӡа 18 - 60 шықәса зхыҵуа ауаа ҳәа рҳәоит ФМБА апресс-маҵзураҿы.

2021 шықәса рашәарамзазы қәҿиарала ихыркәшахеит алаҵа аклиникаԥхьатә ҭҵаарақәа. Ишьақәырӷәӷәан иара ашәарҭадара.

Алаҵа аус аднаулеит Санкт-Петербургтәи Аҭҵаарадырратә институт атехнологиатә платформа ҿыц аҿы. Алаҵа азырхоуп ахыцтә иммунитет арҿиара.