Арадио

Џьуӷьелиа еиҭеиҳәеит сынтәа Аԥсны Кәырбанныҳәа шазгәарҭо атәы

Аԥсны Аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә напхгара ахаҭарнак Роман Џьуӷьелиа арадио Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргом.
Sputnik
Џьуӷьелиа еиҭеиҳәеит сынтәа Аԥсны Кәырбанныҳәа шазгәарҭо атәы

Кәырбанныҳәа инамаданы ареспубликаҿы ԥхынгәы 20 ныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп. Аԥсылманраҟны ашықәс аҩнуҵаҟа иазгәарҭо Аурычреи Кәырбанныҳәеи иреиҳау аныҳәақәа ыҟаӡам. Кәырбанныҳәа Ҳазшаз ихьӡала ашьтәа ашьра иадҳәалоуп. Аԥсуаа ҳҟны ирҳәоит рыкәырбан рықәырхуеит ҳәа. Аныҳәа ҭоурыхла аԥааимбар Ибрагим иахь уагоит. Ҳазшаз Ибрагим дҵаны идиҵеит иԥа ԥсаҭас дҟаиҵарц, уи ала иара иахь имаз агәрагара гәеиҭон.

Аԥсны Аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә напхгара ахаҭарнак Роман Џьуӷьелиа арадио Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, сынтәа акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны аныҳәатә уснагӡатәқәа мҩаԥыргом.

"Ари аҿкычмазара иҟоу азы хьаала иаҳҳәоит - Кәырбан-намаз мҩаԥаагаӡом сынтәа. Акзаҵәык иҟаҳҵо, ҳашьцәа, Ҭырқәтәыла аума, даҽаџьара иҟоу роума, рыкәырбан абра иҟаҳҵаразы иаарышьҭыз, иҳалшо Аҟәа аҳаблақәа рҿы 40 хы арахә ҳшап ҳәа ауп, жәабаҟа хы - Гәдоуҭа", - иҳәеит Џьуӷьелиа.

Шәазыӡырҩы аудиофаил.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: