Ишәарҭоу COVID-19 аштамм цәырҵыр ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ҟаиҵеит ВОЗ ахада

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус иҳәеит иахьазы ишыҟоу зеиԥш ҟамлацыз акризис, зеиԥш ҟамлац аусмҩаԥгатәқәагьы зҭаху
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21- Sputnik. Акоронавирус аштамм ҿыц дельта аасҭагьы ишәарҭоу цәырҵыр алшоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара (ВОЗ) адиректор хада Тедрос Адханом Гебреиесус, Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы 138-тәи асессиаҿы дықәгыло.

Иара иажәақәа рыла уи адунеи зегьы иалаҵәар ҟалоит.

"Акоронавирус заҟа аҽарҭбаауа аҟара авариантқәагьы ҟалар алшоит, дельта-вариант аасҭагьы ишәарҭаны. Авариантқәа заҟа ирацәоу аҟара иҟоуп ашәарҭара алаҵа хәарҭамкәа аҟалараз", - иҳәеит иара.

Гебреиесус иазгәеиҭеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтә еиҿкаара COVID-19 аҿагылараз иахықәкы хаданы иамоу - 2022 шықәса цәыббрамзазы тәылацыԥхьаӡа руааԥсыра 70 процент алаҵа рзыҟаҵара шакәу.