Шәача амшцәгьа ӷәӷәа ҟалар ҟалоит ҳәа агәҽанҵара ыҟоуп

Шәача ақалақь ахада инапынҵала, ақалақь амаҵзурақәа зегьы амшцәгьа аамҭазы арежим ҷыдахь ииагоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 21- Sputnik. Шәача ақалақь аҿы ирылаҳәоуп ԥхынгәы 22-23 рзы амшцәгьа ҟалар ҟалоит ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.

Аҳауагәаҭыҩцәа ишаарыцҳауа ала, иааиуа амшқәа рзы амшцәгьа, аԥшасра, аӡхыҵрақәа ҟалар ҟалоит. Магри-Веселое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшеиларҳә, ашьхарахь аҳәынҵәеиларшьшь леир алшоит.

Шәача ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьақәа инарыдҳәаланы ргәы рҽанырҵоит. Ирабжьыргоит ашьхаҟа ныҟәара имцарц, аӡиасқәа рааигәара аԥсшьарҭаҭыԥ алрымхырц, амашьынақәа аҵлақәеи аихатә ргыларақәа ирыҵадмыргылаларц.