Илон Маск афымцамобильқәа Tesla абиткоин азы рыҭира деиҭалагар шыҟало иҳәеит

Tesla абиткоинқәа рзы афымцамобильқәа рыҭира даҟәыҵит 2021 шықәса лаҵарамзазы, акриптовалиута арҳаразы адгьыл аҵатә былтәы, ҷыдала арацәа рхы иахьадырхәо азы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Амиллиардер Илон Маск напхгара зиҭо аилахәыра Tesla аҟны азин ҟаиҵеит абиткоинқәа хәшәагак аиԥш ирыдыркылаларц, амала акриптовалиута еиҳа аекологиатә ҟазшьа анаиулак. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Илон Маск итвит ашьҭахь биткоин ахәԥса каҳаит

"Еиҭахарҿиаау афымцамч ахархәарахь маҷ-маҷ ииасуеит абиткоин", - иҳәеит иара.

Tesla абиткоинқәа рзы афымцамобильқәа рыҭира даҟәыҵит 2021 шықәса лаҵарамзазы, акриптовалиута арҳаразы адгьыл аҵатә былтәы, ҷыдала арацәа рхы иахьадырхәо азы.

Уи адагьы амиллиардер иҳәеит напхгара зиҭо аилахәырақәа Tesla, SpaceX уаанӡа иаархәахьаз абиткоинқәа рҭиуам ҳәа.

"Ҳара (Tesla - аред.) хаҭала сареи напхгара зысҭо аилахәырақәа Tesla, SpaceX уаанӡа иааҳхәахьаз абиткоинқәа ҳҭиуам. SpaceX, Tesla сара абиткоинқәа ҳамоуп", - иҳәеит Маск "The B Word" аконференциаҿ.

Маск иҳәеит егьырҭ акриптовалиутақәа – Ethereum, Dogecoin шимоу.