Арадио

Вартагаа еиҭеиҳәеит амаҵа ҳтәылаҿы алаҵәаразы ашәарҭара иҟоу иҟаму

Краснодартәи атәылаҿацә раионқәак рҿы амаҵа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭеит. Изеиԥшроузеи Аԥсны аҭагылазаашьа, иҟоума ашәарҭара амаҵа ҳтәылаҿы алаҵәаразы абри атәы иҳәеит Аԥсны аҵиаақәа ркарантин азы аинспекциа аусзуҩ Анзор Вартагаа.
Sputnik
Вартагаа еиҭеиҳәеит амаҵа ҳтәылаҿы алаҵәаразы ашәарҭара иҟоу иҟаму

Амаҵа злашәарҭоу - иара иаԥыхьашәаз зегьы афоит, ҳәа иҳәеит Вартагаа арадиоефир аҿы.

"Иҳаҩсыз ашықәсқәа раангьы Ставрополь уҳәа Кранодартәи атәылаҿацә аҟны иҟан, аха ҳара ҳахь макьана ицәырҵны ҳәа иҳамбацт. Араионқәа зегьы рҟнытә аинформациа ҳауеит, макьаназы амаҵа ҳтәылаҿы иазгәаҭам. Иара раԥхьа ишыҟоу ҳазҳәогьы аҳәааҿы игылоу ҳаспециалистцәа роуп, урҭ роуп аҵиаахкқәа ирылоу шьақәзыргыло", - ҳәа еиҭеиҳәеит Вартагаа.

Аспециалист иажәақәа рыла, шықәсык зны амаҵа рацәаны иҟан Гагра араион аҿы, аха ԥхасҭа дук ҟарҵаны ҳәа иазгәаҭамызт.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.