Арадио

Қарчаа: азыҟаҵаҩ иреиҳаӡоу, ибжьаратәу ма хаҭалатәи аҵара имазароуп

Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩцәа рҿаԥхьа иқәгылоу адҵақәа ртәы.
Sputnik
Қарчаа: азыҟаҵаҩ иреиҳаӡоу, ибжьаратәу ма хаҭалатәи аҵара имазароуп

Аспорттә зыҟаҵаҩцәа зегьы аԥхьаҟа ирымазарц ахәҭаны иҟалоит уи азанааҭ аганахьала адырра. Ас еиԥш урҭ рҿаԥхьа иҿыцу ахыдҵа ықәнаргылеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭкарратә еилакы. Азыҟаҵаҩцәа рганахьала иҿыцу азнеишьақәа зныԥшуа Аԥсны Аҳәынҭқарра абаҩрҵәыреи, акультуреи, аспорти рзы азакәан актәи аԥхьара иахысхьеит апарламент аҿы. Изықәгылеи ари азҵаара, иахьа иҟоума аспорт иадҳәалам ауаа азыҟаҵаҩцәас ианцо. Азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Қарчаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: