Аладатәи арратә округ адҵаҟаҵаҩ: Амшын еиқәаҿы НАТО аҽазыҟаҵарақәа ҳархылаԥшуеит

Рашәара 28 инаркны ԥхынгәы 10 рҟынӡа Амшын еиқәаҿы Аҩада-атлантикатәи алианс арратә ҽазыҟаҵарақәа Sea Breeze 2021 мҩаԥысуан.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Амшын еиқәаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа НАТО аҽазыҟаҵарақәа есымшааира ҳалаԥш рхуп, апровокациақәа ҳәа акыр ҟалозар, иахәҭоу аҭак раҳҭоит иҳәеит Аладатәи арратә округ архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩ Александр Дворников, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Амшын еиқәаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуа НАТО аҽазыҟаҵарақәа есымшааира ҳалаԥш рхуп, апровокациақәа ҳәа акыр ҟалозар, иахәҭоу аҭак раҳҭоит", - иҳәеит Дворников Арра-мшынтә флот амш иазкны Севастополь имҩаԥысуаз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа раан. 

Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аганахьала иаҳа-иаҳа изцыло арра-политикатә қәыӷәӷәара аныҟоу аамҭазы Амшынеиқәатә флот атәыла ашәарҭадара ахьчоит иара анапы иану аусхк аҿы.

Америкатәи АИХқәа Урыстәылеи Америкеи Амшын еиқәаҿы реиҿанагалара асценари иахцәажәеит

Рашәара 28 инаркны ԥхынгәы 10 рҟынӡа Амшын еиқәаҿы Аҩада-атлантикатәи алианс арратә ҽазыҟаҵарақәа Sea Breeze 2021 мҩаԥысуан. Урҭ ирлахәыла хадақәаны иҟан - Украина, Еиду Америкатәи аштатқәа, Канада, Британиа Ду, Нидерландқәа, Румыниа, Болгариа, Бырзентәыла, Ҭырқәтәыла, Латвиа.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын арратә ӷбақәа, ашхәақәа, ацхыраагӡатә нышьқәа 40, 30 ак авиациатә техника, 100 ак инеиҳаны акәылӡтәы техникеи автомашьынақәеи.