Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҷкадуаԥҳаи Асланӡиеи аволонтиортә ус иазкны

Аԥсны иаку аволонтиортә гәыԥ аԥҵара ахьынӡаҭаху арадио Sputnik аефир аҟны еиҭарҳәеит Аҟәеи Очамчыреи аволонтиорцәа ргәыԥқәа ирылахәу Лана Ҷкадуаԥҳаи Аслан Асланӡиеи.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Ҷкадуаԥҳаи Асланӡиеи аволонтиортә ус иазкны

Шықәсыки бжаки ҵуеит адунеи иахыҵәаз аҿкычымазара COVID-19 ауаа аргәамҵуеижьҭеи. Аҿкчымазара Аԥснынӡа ианааӡа, аԥкракәа аналагалаха инаркны ацхыраара зҭаххоны иҟало рзы рҽеидыркыло иалагеит ауааԥсыра ковид рацәыхьчаразы хатәгәаԥхарала ацхыраара аҟаҵара иазхиаз аволонтиорцәа. Иахьа ус еиԥш аус зуа ыҟоума, мамзаргьы аҭагылазаашьа аҽаԥсаху, насгьы ҳтәылаҿы иахәҭоума иаку аволонтиортә еиҿкаара аԥҵара?

Абарҭқәа арадио Sputnik астудиаҟны ирылцәажәеит Аҟәеи Очамчыреи аволонтиорцәа ргәыԥ иалахәу Лана Ҷкадуаԥҳаи Аслан Асланӡиеи.

Шәазыӡырҩы аудио.