Арадио

Габуниа адекларациақәа рхарҭәааразы: асаит аҟны ус еиԥш алшара аԥҵоуп

Нанҳәа акы инаркны амаҵзурауаа рхашәлақәа ашәҟы иҭаргалароуп. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура Гьаргь Габуниа еиҭеиҳәеит ахашәалазы адекларациақәа рхарҭәаашьа шахәҭоу, иахьхадырҭәаауа.
Sputnik
Габуниа адекларациақәа рхарҭәааразы: асаит аҟны ус еиԥш алшара аԥҵоуп

"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ахашәалақәа ашәҟәы иҭагалатәуп нанҳәа 1 рҟынӡа. Аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа аҩыратә зыҳәа нарышьҭроуп Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррахь аусбарҭа асаит аҿы иахәҭоу аинформациа роурц азы. Ари аус хәҭа-ҳәҭала ишеиҿкаахо атәы еиҭеиҳәеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра апресс-маҵзура Гьаргь Габуниа.
"… иахьа иҳамоу адыррала аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа рхыԥхьаӡара 420 рҟынӡа ыҟоуп. Уахь иалаӡам аунитартә, амуниципалтә наплакқәа. Адекларациа хазырҭәаараны иҟоу ауаа рхыԥхьаӡара макьана еилкааны асиа шьақәырӷәӷәаны иҟам", - иҳәеит Габуниа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: