Ԥҳазариа еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны Хыԥсҭа ақыҭа иаиуз аԥхасҭа атәы
© Sputnik
"Ҩажәаҟа ҭӡы рҟынӡа аԥырхага ӷәӷәаны ироуит, рыҩнқәа аӡы рыҩналеит, раандақәа еимнахит, рырахә, рыкәтыҵрақәа хьагаз ыҟоуп. Афымцацәаҳәа ҳаракы ҵлак ақәҳан, уи арыцқьара ҳаҿуп, сааҭк аҟара ҳадхалар ҟалап, алашара рыҭаразы. Жәаба-жәохә ҭзы аԥырхага ӷәӷәацәҟьаны ироуит, аҩбатәи аихагыла аҟынӡа аӡы ахьышьҭыҵыз ыҟоуп. Ацҳақәа ус еибгоуп, 600 ҭӡы аӡы ахьынтәаҳауа аӡеизакырҭа ԥырхага аиуит, Хыԥсҭа аӡиас ахьышьҭыҵыз аҟынтә. Алыкь аанагеит, ӡыда ҳтәоуп 600 ҭӡы ҩымшҟа раахыижьҭеи ақәоурақәа ирыхҟьаны. Иахьа атехника хәныганы аус ҳураны ҳаҟан, иаха илеиз ақәа иҵегьы ацнаҵит", - иҳәеит Ԥҳазариа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аӡхыҵрақәеи аԥша ӷәӷәеи: ақәаршҩы ӷәӷәа аԥхасҭақәа ҟанаҵеит Аԥсны