COVID-19 аҟынтәи хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалоуп Чечнтәыла атәылауаа рыхәҭак рзы

Ареспубликаҿ активла ахәаахәҭратә центрқәа, агәмырҿыӷьратә цкнтрқәа, аспорттә уснагӡатәқәа, апаркқәа уҳәа ирҭаауа рыгәҭа ачымазара зыхьуа рацәаҩхеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. COVID-19 аҟынтәи хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалахоит Чечнтәыла атәылауаа рыхәҭак рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ареспублика Роспотребнадзор анапхгара адыррақәа рыла.

Ахылаԥшратә усбарҭа ақәҵараҿ иазгәаҭоуп активла ахәаахәҭратәи агәмырҿыӷьратәи рцентрқәеи, аспорттә уснагӡатәқәа, апаркқәа уҳәа ирҭаауа рыгәҭа ачымазара зыхьуа рацәаҩхеит ҳәа. Ичмазаҩхо рсоциалтә статус ала урҭ рҟынтә аус зуа 72%, атәанчаҩцәа - 45%, ахәыҷқәа - 27% чмазцәоуп.

"Абри инадҳәаланы Чечнтәыла Роспотребназор аӡбра аднакылеит 18 шықәса еиҳабу рзы хымԥадатәи алаҵаҟаҵара алагалазарц. Арахь иаҵанакуеит: аҳәынҭмаҵзуҩцәа, ахәаахәҭреи амаҵзурақәеи, АИХқәа, азеиԥшкрыфарачара, афатәааглыхра, аҵарадырра, атуризм русзуҩцәа", - аҳәоит адокумент аҿы.

Аусбарҭа астатистика ала ареспубликаҿ уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус иахҟьаны иԥсит жәаҩык, апандемиа аамҭала – 293-ҩык. Зынӡа  15 469-ҩык COVID-19 рыдбалоуп.