Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Манаргиа ашьапылампыл асразы ачемпионат аформат ҿыц азы

Аԥсны ашьапылампыл асразы ачемпионат сынтәа аформат ҿыц азԥҵәоуп, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьапылампылтә федерациа апресс-атташе Алхас Манаргиа.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Манаргиа ашьапылампыл асразы ачемпионат аформат ҿыц азы

"Ишиашоу ицо аефир ала иаабалоит Ачемпионатгьы Ахраҿагьы. Сынтәа ачемпионат х-еикәшаракны имҩаԥысуеит. Еикәшарак шьҭа имҩаԥысхьеит, уажәы ааҭгылара ыҟоуп. Аҩбатәии ахԥатәии еикәшарақәа ааҭгыларада иҟалоит. Иалагоит нанҳәа 31 рзы. Абас еиԥш иҟоу аӡбамҭа рыдыркылеит. Ихыркәшахоит абҵарамзазы. Астадионқәа зегьы рҟынтә ишиашоу ицо аефирқәа еиҿкаахоит. Уи алыршахоит Џьано Ҵурҵумиа икомнда иабзоураны. Иара ихаҭа иоуп уи алагала ҟазҵаз, афедерациа ахаҭа иамаӡам асҟак алшара, ахарџь ахахьы агаразы. Аидеиа убас иҟоуп – хәмаррацыԥхьаӡа иԥшӡаны, ҳаамҭазтәи аграфикала еиҿкааны, ахәмарыҩцәа рфотосахьа арбаны, аҟаҵара. Ҳәараҭахума, ари ҳамҭоуп, ашьапылампыл абзиабаҩцәа зегьы рзы", -  еиҭеиҳәеит Манаргиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: