Алиаска ахәҭак ауааԥсыра цунами ҟалар алшоит ҳәа иахыргоит

Аԥшьаша ашьыжь Алиаска иахьаҵанакуа змагнитуда 8,2, балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. Иҟоуп ашәарҭара цунами ахылҿиаауеит ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 29 - Sputnik. Алиаска ахәҭак ауааԥсыра цунами ҟалар алшоит ҳәа агәҽанҵара рыҭаны иахыргоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ақалақьқәа Гомери Кадиаки рхадара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟарҵеит аҳаракырақәа рахь ихаларц, ауаа ралгараз еиҿкаау аҭыԥқәа рахь инеирц.

Иара убасгьы аепицентр зегь раасҭа иазааигәоу Перривилль ақалақь аҿы ауаа рахыгара иалагахьеит.

Аԥшьаша ашьыжь Алиаска иахьаҵанакуа змагнитуда 8,2, балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. Иҟоуп ашәарҭара цунами ахылҿиаауеит ҳәа.

Цунами аҟалараз агәҽанҵаратә Америкатә центр (NWS) цунами ҟалар ауеит ҳәа рыланаҳәоит.