Арадио

Кәыҵниаԥҳа аетно-парк "Аԥсны" апроект азы: ари аҩыза еиҿукаарц азы угәы амца ацразароуп

Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан иаадыртыз Амилаҭ-ҭоурыхтә етно-парк "Аԥсны" амилаҭтә хаҿра ашьақәыргыларазы ҵакыс иамоу атәы Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аетнографиатә парк аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ, амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа.
Sputnik
Кәыҵниаԥҳа аетно-парк "Аԥсны" апроект азы: ари аҩыза еиҿукаарц азы угәы амца ацразароуп

"Ари апарк аартра аҵакы даара иҳаракуп, аҳәынҭқарратә интересқәа рыхьчаразы, иара аҳәынҭқарратә ҩаӡарагьы амоуп. Асовет аамҭазы ҳинтеллигенциа ахаҭарнакцәа уи аҩыза аԥшьаргахьан, аха усҟан ҳара ҳаҵкыс зымчыз ҳхагылан. Убри аҟнытә амилаҭтә культура апропаганда аҟаҵараз аҭагылазаашьа ҳарҭомызт. Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳахысит, уи ашьҭахь аекономика-политикатә хьысҳара иахҟьаны иалҵуамызт апроект алыршара. Ааигәа уи еиҿикааит Мзауҷ Ԥлиа. Иара излаиҳәо ала даныхәыҷыз иабду иирбаз ҳҵасқәа ҳқьабзқәа игәаԥхеит, иаҳа-иаҳа дазҿлымҳахон, анаҩс атәым ҳәынҭқаррақәа дырҭаауа даналага, доусы имилаҭ шӡыригоз аниба, ҳара иҳамоу аҭоурых ҟәнаҳшьартә иҟаӡам, ҳалацәажәартә изыҟами, асас ҳазидикылар акуи баша курортк ҳасабала, уаҳа иҵауло ҳҭоурых ҳамамшәа ҳәа ҩныҵҟала дхәыҷы аахыс игәнигоз, ихы идыруа дхатәраны даныҟала игәы иҭаз апроект инапы алаикит. Уи азы маҷк "уеилагазароуп", угәы амца ацразароуп, агәыбылра рацәаны иумазароуп, аԥхьа аԥарарҳара ҳәа умхәыцкәа уҽалаужьроуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.