Аҩӡба еиҭеиҳәеит амшцәгьа аан Гәдоуҭаа ироуз аԥхасҭа ахьынӡаҭҵаау атәы
© Sputnik
"260 ҩны иреиҳамзар еиҵам ақалақь аҟны аӡы зыҩналаз, ажәлар аԥхасҭа ӷәӷәа роуит… Ақалақь аҟны ҩнаҭацыԥхьаӡа акомиссиа неины игәарҭеит, ироуз аԥхасҭа гәаҭаны ашәҟәынҵақәа Аҟәаҟәа ишьҭхоит ҳәа аицәажәара ыҟоуп. Хыԥсҭа ақыҭаҟны 11 ҭӡы аԥхасҭа ӷәӷәа роуит, араион ақыҭақәа рҟны амҩақәа ԥхасҭахеит. Уажәы ҳзеибажьуеи ауаа ироуз аԥхасҭа зегьы рызшәахоит ҳәа, аха аҳәынҭқарра анапхгара излаҳамчу ала ацхыраара ҟарҵоит ҳәа ҳақәдыргәыӷит", - иҳәеит Аҩӡба.
Шәазыӡырҩы аудио.