"...ҳгәыԥ абжеиҳраҩык, ҵыԥх иалахәыз рнаҩс, ҿыц иалаҳгалаз роуп. Благовешьенск, Москва иреиҳаӡоу арратә ҵараиурҭақәа ирҭоу уахь иҳазнеиуеит. Аҽазыҟаҵарақәа ртәы ҳҳәозар, есҽнытәи арратә ԥсҭазаараҟны инаҳагӡо ауп. Ҳазыҟаҵоуп ҳәа сгәы иаанагоит, иҳалшо зегьы ааҳарԥшуеит ҳаԥсадгьыл азы", - иҳәеит Ашәба.
Урыстәыла имҩаԥысуа абыжьбатәи Жәларбажьаратәи арратә хәмаррақәа ирылагӡаны иазгәаҭоуп 34 хкы рыла арратә еицлабрақәа рымҩаԥгара еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы. Арратә хәмаррақәа рыҽрылархәразы 95 тәыла ааԥхьарақәа рзынашьҭуп. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аруаа ракәзар, аицлабрақәа хәынтә ирылахәхоит. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ҳаруаа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы аиааирақәа рзеиӷьашьо иазгәеиҭеит, ҳаруаа агәаӷьра, ачҳара, аҟазара аарԥшны акомандатә усеицура шрылшо атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.