Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳаи Џьынџьали Ацәыргақәҵатә зал адырга ҷыда иазкны
© Sputnik
"Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал аҭоурых змоу ҭыԥуп, ҳәарада ахатәы хаҿсахьа амазароуп. Иара ахыбра архитектуратә ҭынха иахыԥхьаӡалоуп. Абри зегьы зныԥшуа иааилацалан знеишьак ԥшаатәын, ус иагьыҟаҵан", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аграфикатә дизаинер Владимир Џьынџьал еиҭеиҳәеит идипломтә усумҭа атема Ацәыргақәҵатә зал хада алоготип аԥҵара аус шакәу.
"Иаҳҭахын ҳдизаин аҿы ацәыргақәҵатә зал ахыбра аҭоурыхтә ган ааҳарԥшырц. Адырга аԥшаара салагеит иара ахыбра ахаҭа аҟны, ус иагьыҟалеит, ахышә аҿы иҟоу аелемент ахархәара амоуп. Сгәанагарала алоготип ианыԥшуеит ахыбра аҭоурыхтә ҵакы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьал.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.