Бодрум иҟоу амцакрақәа ирыхҟьаны асасааирҭақәа хԥа рҟынтәи аԥсшьаҩцәа хыргеит

Аҵыхәтәантәи ԥшьымш рыла ҭырқәтәылатәи 30 провинциа рҟны амцакрақәа зхыҵәаз абнарақәа 88 ҭыԥ хылаԥшра аҭоуп. Егьырҭ аҭыԥқәа рҟны амцарцәара ишаҿыц иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Бодрум иҟоу амцакрақәа ирыхҟьаны асасааирҭақәа хԥа рҟынтәи аԥсшьаҩцәа хыргеит, ҳәа аанацҳауеит DHA амаҵзура.
Амаҵзура ишаҩуа ала, иқәыз аԥша иахҟьаны амца аҽарҭбааит Ичмелер аквартал аҟны.
Уи аан иазгәаҭоуп, асасааирҭақәа рзы шәарҭара шыҟамыз.
Bodrum’da yangınlar büyüyor, bazı ev ve oteller tahliye ediliyor https://t.co/SIhtltWEog pic.twitter.com/FztkTSXfSf
Аҵыхәтәантәи ԥшьымш рыла ҭырқәтәылатәи 30 провинциа рҟны амцакрақәа зхыҵәаз абнарақәа 88 ҭыԥ хылаԥшра аҭоуп. Амца арцәара иаҿуп апровинциақәа: Адане, Анталиа, Каисери, Киутахье, Мерсине, Мугле, Османие рыҟны.
Иара убасгьы иазгәаҭан аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны 410-ҩык ааха шроуз.
Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган иҳәеит аҭагылазаашьа хылаԥшра шаиҭо.