Pfizer-и Moderna-и акоронавирус аҟынтәи рлаҵақәа рыхә шьҭырхит Евроеидгыла азы

Британиа ду еицырдыруа аепидемиологцәеи авирусҭҵааҩцәеи ражәақәа рыла, ачымазараҿкы акоронавирус аҟынтәи алаҵаҟаҵара иҵегь акыр аамҭа имҩаԥыслоит, избан акәзар аҿкы еиқәтәазом, аштамм ҿыцқәа цәырҵлоит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik. Ачымазараҿкы акоронавирус аҟнытә алаҵа ҭзыжьуа Pfizer-и Moderna-и Евроеидгыла азы дозак иҟоу агәыр азы ахә шьҭырхит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Financial Times адыррақәа шьаҭас иганы.
Аҭыжьымҭа аҟны иҳәоуп, ари аҩыза алкаа шыҟарҵаз ирымоу аиқәшаҳҭратә шәҟәқәа шьаҭас иганы.
Агазеҭ адыррақәа рыла, алаҵа Pfizer ахә еизҳаит 15,5 евро аҟынтәи 19,5 евро рҟынӡа. Moderna – 25,5 доллар иаԥсоуп. Иазгәаҭоуп, уаанӡатәи ахәԥса 22,6 доллар шыҟаз. 
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: