Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуаԥҳа Ешыра COVID-19 змоу ачымазаҩцәа ирырҭо ацхырааразы

Ешыра ақыҭа афельдшер Нанули Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭаҿы ачымазараҿкы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроуи, ачымазаҩцәа уи шырхыргои ртәы.
Sputnik
"Аԥсуаа ҳаиԥыларақәа нҵәаӡом, уи ари ачымазара бзиа иабаӡом. Иаҳа-иаҳа аҭагылазаашьа цәгьахеит. Аҩны ишьҭақәоу рацәоуп. Доусы аҳақьым димоуп, ирацәажәаны ахәшәқәа ҟарҵоит. Уажәазы уаазыцәшәо ҳәа аӡәгьы дҳамам, аха ишәарҭароуп. Ҳара дара рахь иаҳа ҳныҟәоит. Еиҳарак уажәы ачымазара змоу 40-45 шықәса зхыҵуа роуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьапуаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.