Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Генрих Ҭыжәба ақыҭаҟны абзазара иазкны

Џьал ақыҭа ииз, аекономист изанааҭ змоу Генрих Ҭыжәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны инапы злаку, уаҟа иахьатәи абзазашьа шибо, иҟаҵатәны ииԥхьаӡо атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи, уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: