Пашиниан Ермантәыла аԥыза-министрс дҟаҵоуп

Ашәахьа нанҳәа 2 азы Ермантәыла имҩаԥысит атәыла Апарламент ҿыц актәи аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 – Sputnik. Ермантәыла ахада Армен Саркисиан атәыла аԥыза-министрс дҟаиҵеит Никола Пашиниан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Пашиниан ипартиа Апарламент ахь алхрақәа рҟны аиааира агеит
"Аконституциа аԥҟара напхгагас иҟаҵаны Ермантәыла аԥыза-министрс дҟаҵазааит Никола Пашиниан", - ҳәа аҳәоит Ермантәыла ахада исаит аҿы ицәыргоу аусԥҟа.
Ермантәыла аконституциа инақәыршәаны ҿыц иалырхыз Амилаҭтә еизара аусура ишаалагаз атәыла ахада апарламент еиҳарак иалырхыз акандидат ԥыза-министрс дҟаиҵоит. Анаҩс, жәохәымш рыҩнуҵҟа еиҿыркаауеит Аминистрцәа реилазаара. Абри ашьҭахь ҩажәамш рыҩнуҵҟа аиҳабыра Апарламент ахь инаргоит Аминистрцәа реилазаара апрограмма.
Изаамҭанытәим Апарламенттә лхрақәа мҩаԥысит рашәара 20 азы. Иалахәын 21 партиеи аблокқәа ԥшьбеи. Никола Пашиниан ипартиа "Гражданский договор" 53,91% бжьы аманы аиааира агеит.