РАН академик џьоукы-џьоукы COVID-19 зырмыхьуа атәы иҳәеит

Акоронавирус аҽацәыхьчара шалшо азы аҭҵаарақәа цоит. Ҭагалан азы иазыԥшуп еиҳа инарҭбаау алкаақәа риура.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. РАН академик Арег Тотолиан агазеҭ "Известия" аинтервиу аҭо иҳәеит џьоукы-џьоукы еиҳа COVID изацәыхьчоу. Урҭ реиҳараҩык ршьаҿы алимфоцитқәа ҳаракуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Дельта"-штамм ҩынтәны еиҳа иҿкуп иаабац авирус аасҭа ҳәа рҳәоит ВОЗ аҿы
"Аҭҵаарадырратә усурақәа аинтерес зҵоу аилкаарақәа ҳрызкылыргеит: аинтерферон альфа змоу, зшьаҿы алимфоцитқәа ҳараку, агенетикатә маркерқәак зцәа иалоу еиҳа ахьчара рымоуп. Иҟоуп даҽа факторқәакгьы, аха урҭ рганахьала аҭҵаарақәа уажәоуп ҳанрылага", - иҳәеит Тотолиан, убри аан иазгәеиҭеит иарбоу аҟазшьақәа инагӡаны ушзырмықәгәыӷуа.
Аҵарауаҩ иазгәеиҭеит ацәеижь аҿы авирусҿагылара зылшо амолекулақәа рацәазар, аҿкра еиҳа имаҷны ишьҭыркаауеит. Уи адагьы ауаа, зиммунтә ҭак акод азыҟазҵо агенқәа змоу ачымазара рԥырхагам. Убри аан иҟоуп ачымазара иазгагоу агенгьы.
"Иаарԥшу агенетикатә маркерқәа Аҩада-Мраҭашәаратәи ауаа роуп еиҳарак иаҵанакуа, избанзар аиммунтә ҭак акод азыҟазҵо агенқәа амилаҭтәи аетникатәи факторқәа ирыдҳәалоуп, арегионалтә ҟазшьагьы рымоуп", - иҳәеит Тотолиан.
Иухугаз ачымазара ашьҭахь аҿыцрақәа узцәырнагоит. Уи ашьаҿы алимфоцитқәа еиҵанатәуеит. Тотолиан ишиҳәо ала, алимфоцит маҷны измоу ачымазцәа акоронавирус еиҳа ихьанҭаны ирхыргоит.