Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Қәычбериа Гал амаҵурауаа рхашәалақәа ашәҟәы рҭагалара иазкны

Гал араион ахадара азиндырыҩ Инал Қәычбериа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амаҵурауаа рхашәалақәа ашәҟәы рҭагалара шымҩаԥысыз, насгьы уи иацыз ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
"Амаҵурауааи адепутатцәеи рхашәалақәеи, рныхрақәеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу рхыдҵақәеи ашәҟәы рҭагаларазы" аҵыхәтәантәи ариашарақәа злагалоу азакәан амчра аиуит 2021 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны. Ахашәалақәа ашәҟәы иҭагалатәын нанҳәа 1 аҟынӡа.
"Гал араион аҿы 89-ҩык ашәҟәы хадырҭәааит, урҭ рахьынтә ашәахтәқәеи аизгақәеи рсаит ахь иҭаҳгалахьеит 66 цыра. Адкыларақәа аанкылан ахәаша, иаҳхысыз амчыбжь азы. Ашәҟәқәа зегьы гәаҭан, џьара-џьара агхақәа ахьыҟоу ыҟоуп, анаҩс еиҭа ҳарзасны иҟоу шыҟоу еилкааны, ихадырҭәааз арзаҳал ариашарақәа алаҳгалоит. Ашәҟәы зегьы ииашаны ахарҭәаара рылшаӡом. Иахьымӡаз лахь рырҭоит, аха ус еиԥш имаҷҩуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Қәычбериа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: