Ҭырқәтәыла шә-ҭыԥк инареиҳаны абнақәа амца ахьыркыз идырцәеит

Ҭырқәтәыла аладатәи ахәҭаҿы иҟалаз абылрақәа ирыхҟьаны аԥсабара аԥхасҭа ду аиуит, ари милаҭтә рыцҳароуп ҳәа ахырҳәааит.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Ҭырқәтәыла амцакра ахьыҟаз 107 ҭыԥ дырцәеит амцарцәаҩцәа ҳәа Twitter аҿы иҩуеит абнанхамҩеи ақыҭанхамҩеи рминистр Беқьыр Пакдемирли.
Иара иазгәеиҭеит уажәазы амца ахьаку Анталиа араионқәа ҩбеи апровинциа Мугла иатәу х-раионки рҿы шакәу.
Ачынуаҩ ишиҳәо ала Бодрум амца ахылаԥшра амоуп.
Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла ааҩык ҭахеит, 800-ҩык аахақәа роуит.
Амца ахы акит Анталиа, анаҩс аԥшаӷьы иахҟьаны амца аҽеиҵнахит.