Аҭҵаарақәа акоронавирус ахәыҷқәа ишырхырго аадырԥшит

Аҭҵаарақәа мҩаԥган COVID-19 ззышьақәырӷәӷәаз 5-17 шықәса зхыҵуаз 1734-ҩык британиатәи ахәыҷқәа рыбжьара.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Ахәыҷқәа еиҳа имаҷны акоронавирустә инфекциа рыхьуеит, ацашьагьы еиҳа имариоуп ҳәа алкаа ҟарҵеит Лондон акралтә коллеџь аҵарауаа. Дара рыҭҵаарақәа рылкаақәа ажурналеҿ Lancet Child & Adolescent Health аҟны иркьыԥхьит.
Зегь раасҭа ахәыҷқәа ирыдубалоз ахыхь акәын –62,2%, анаҩс амчмаҷра - 55%.
Аҭҵаарақәа инарықәыршәаны бжьаратәла фымш рыла ачымазара рхыргон.
4,4% ахәыҷқәа ԥшьымчыбжь иреиҵаны ачымазара рыман, 1,8% – аамчыбжьы.