Арадио

Ҳашба Бырзентәыла COVID-19 азы: асабрадақәа шьҭа аԥсҭазаара иазбжаны иҟалеит

Бырзентәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Гиви Ҳашба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит COVID-19 азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы атәылаҿы иҟоу аԥкрақәа ртәы.
Sputnik
"Аҭагылазаашьа зынӡагьы ихазыноуп ҳәа иузҳәаӡом. Иаҳхысыз ашықәс ԥхынҷкәын инаркны ашколқәа, акрыфарҭақәа зегьы аанкылан. Лаҵарамзаз хәыҷы-хәыҷла иаадыртит, избанзар аҳәынҭқарра еиҳарак акыр злырхуа атуризм ауп, уи аныҟам, акгьы ыҟаӡам. Абарҭқәа зегьы ирыхәаԥшны иалагалоуп аԥкрақәа, иахьырацәоу иаҳа ирымчны, иаҳа иахьмаҷу - ирмаҷны. Араҟа аԥҟарақәа узеилагаӡом, ҳәарада. Асабрада уҿамкәа џьаргьы иахьа анеира азин ыҟаӡам. Машьынала уцозаргьы, х-ҩык еиҳаны иҭадыртәаӡом. Уи закәануп. Уи шьҭа аԥсҭазаара иазбжаны иҟалеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәазыӡырҩыр ҟалоит: